Ахәԥсацҵазы ашәахтә аԥсахрақәа алагалоуп

Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, рашәара 28 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Азакәан "Ахәԥсацҵазы ашәахтә" аԥсахрақәа рыдыркылеит Апарламент адепутатцәа. Аԥсны Жәлар реизара – Апарламент адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, рашәара 28 рзы.

Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Адепутатцәа апроект рыдигалеит Жәлар реизараҿы Аԥсны Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.

Зықәра намӡац рганахьала ацәгьоуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәахоит

Иара иазгәеиҭеит аиҭакрақәа ҳтәыла ашәахтәшәаҩцәа рыԥсҭазаара дырмариоит ҳәа.

Азакәан "Ахәԥсацҵазы ашәахтә" аԥсахрақәа аҩбатәи ргәыԥ рзырхоуп аргылара-монтажтә усурақәа рхазы амҩаԥгараан ашәахтә аиҵатәра. Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп идыргыло аобиект ахархәараҟынӡа ашәахтә ашәара аҿҳәара инахар шалшо.

Ахԥатәи аԥсахра иармариоит атауарқәа римпорти рекспорти мҩаԥызго ашәахтәшәаҩцәа рыԥсҭазаара.

Уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Ахәԥсацҵазы ашәахтә" аԥсахрақәа алагалан 2015 шықәса абҵара 25 рзы, иагьышьақәырӷәӷәан абҵара 30 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапаҵаҩрала.

Азакәан азинмчра аиуит 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.