Аҟәатәи амҩадуқәа руак аҿы акаҭран ақәҵара иаҿуп

Имам Шамиль имҩаҿы Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвестициатә программа инақәыршәаны акаҭран ақәҵара иаҿуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Имам Шамиль имҩаҿы Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭакны акаҭран ақәҵара иаҿуп. Амҩа шьаҭанкыла аремонт азура хыркәшахараны иҟоуп 2018 шықәса нанҳәамзазы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит АУН "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада Борис Ачба.

"Амҩа аура 1,3 километра иҟоуп. Иахьазы ауаажәларратә транспорт Кьалашәырҟа иахьдәықәло аҭыԥ аҟынӡа ҳнеихьеит. Аграфик инақәыршәаны аусурақәа нанҳәамзазы ҳрылгароуп, аха сгәы иаанагоит уаанӡагьы ҳахьӡап ҳәа", — азгәеиҭеит Ачба.

Акаҭран ҩ-ҿыгҳаракны иқәырҵоит, ахәԥса иартәоит 19 миллион мааҭ.

Амҩа аҟаҵара аплан иарбан 2016 шықәса рзы, аха иахьа уажәраанӡа аусурақәа ирыламгакәа иҟан афинанстә ҭагылазаашьазы.

Укладка асфальта по ул. Имама Шамиля