"Аҟәа ақалақь администрациа иаԥшьнагаз апроект ҿыц "Иқьиоу Аҟәа" Аԥсны аус зуа агәыҳалалратә фондқәа алахәуп. Уи хықәкыс иамоуп ачымазцәа ацхыраара рыҭара. Апроект еизнаго аԥара ԥшь-фондк ишаны ирзынашьҭхоит, досу инарыгӡо аусқәа рзы. Аҟәа ақалақь ахадара административтә ресурқәа рыла иҳадгылоит, аӡыргара аганахьала ацхыраара ҳарҭоит. Аԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп шықәсык ахь знык агәыҳалалратә фестиваль амҩаԥгара", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.