АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы АИХ иаҵанакуа еиуеиԥшым аусбарҭақәа реиҳабацәа шьақәырӷәӷәоуп. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.
"Аԥснытәи аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа" адиректорс дшьақәырӷәӷәоуп 2016 шықәса раахыс абри аҭыԥ аҿы аус зуа Даур Начҟьебиа.
Аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аиҳабыс деиҭашьақәырӷәӷәоуп Рената Чагәааԥҳа.
"Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра" адиректор хадас деиҭашьақәырӷәӷәоуп Роланд Бганба.
Агазеҭ "Республика Абхазия" аредактор хадас дшьақәырӷәӷәоуп Иури Ҟәырасқәуа.