"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Занҭариаԥҳа амҵәышәымпыл азы акоманда Иорданиаҟа рцара иазкны
© Sputnik
"Иорданиа Аԥсны еизгоу акоманда имҩаԥнагеит ҩ-хәмаррак, акы аҿы ҳаҵахеит, аҩбатәи аҿы аиааира аагеит. Акомнадақәа даара иӷәӷәан, ибзиан иазыҟаҵан, рыцыхәмаррагьы гәаӷьыуацәан. Уаҳа ахәмаррақәа мҩаԥаҳамгеит, егьы аамҭа зегьы Иорданиа инхо ачеркесстә диаспореи ҳареи аныҟәарақәа ҳаман. Даара гәаартәыла иаҳԥылеит, пату ду ҳақәырҵеит", — ҳәа иазгәалҭеит Занҭариаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.