Арадио

Бигәаа ацуныҳәара иазкны: ауаа еибанарбоит, аԥсуара ргәаланаршәоит

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит ацуныҳәара амҩаԥгашьа.
Sputnik
Бигәаа: ацуныҳәа ҟарҵаанӡа аҿа арҭароуп

"Ацуныҳәара ианакәызаалак ианыҟарҵоз амра ааҭгыламҭа ианақәшәоз ауп, рашәара 22. Уи аԥхьа мамзаргьы ашьҭахьгьы иҟарҵар алшоит, аха изыдҳәалацәҟьоу уи ауп. Насгьы ацуныҳәара аҟаҵара мчыбжьык — жәохәымшҟа шыбжьоу аҿа арҭароуп аԥсыуала. Абри ҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп, абри аамҭа иақәҳаршәоит ҳәа Анцәа иҳәоит. Уи уажәы имаҷны иуԥылоит. Аха зегьынџьара иҟоу, зегьы иреиҳау акоуп, ауаа еибанарбоит. Абжьааԥны иаҳхашҭуа, аԥсуара ҳәа ҳзышьҭоу аихаҵгылара, аныҳәарақәа рыҽны, хымԥада, ирықәныҟәоит", — иҳәеит Бигәаа.