Арадио

Арифа Қапԥҳа аџьазтә фестиваль иазкны: аџьаз бзиа изымбогьы дыхнахыртә иҟалоит

Аҟәа ԥхынгәы 3 рзы иаатуеит жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль. Сынтәатәи афестиваль алахәылацәеи, ахәаԥшцәа зыршынхаша апрограммеи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ауаажәларра рыҽрымадаразы Аҳәынҭқарратә филармониа аусзуҩ Арифа Қапԥҳа.
Sputnik

"Афестиваль ахь инеиуа агәалаҟазаара бзиа рзаԥҵахоит. Аџьаз уи аҟара исыздырам, исзеилкаауам зҳәогьы знык днеины дазыӡырҩыр, игәамԥхар залшом. Афестиваль аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара ессааира иацлоит. Аӡәырҩы Рональд Беикер даауеит ҳәа анраҳа, ҿыц азҿлымҳара рызцәырнагеит. Знык аинтернет аҿы иҟазара атәы збаз, хымԥада, лабҿаба дибар иҭаххоит. Ари иҳараку ҟазароуп, згьама бзиоу музыка ауп, убри заҩзмыжьуа рацәахап ҳәа сгәы иаанагоит", — ҳәа азгәалҭеит Қапԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.