Арадио

Какоба: ақыҭақәеи араионқәеи рҿы иҟоу ашколқәа еиҭашьақәыргылатәуп

Зҭагылазаашьа уадаҩу ашколқәа еиҭашьақәыргылатәуп, ахәыҷқәа рқыҭақәа рҿы аҵара рҵартә еиԥш алашара рымазарцаз ҳәа азгәеиҭеит аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Какоба Аԥсны ашколқәа русура иазкны

"Иахьа ашәарҭара иҭагылоу ашколқәа рхыԥхьаӡара маҷым. Дара зегьы еиҭашьақәыргылатәуп. Ақыҭаҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷуп ҳәа иаҳҿаркуа азы исҳәарц сҭахуп, ахәыҷқәа змаҷу аҭагылазаашьа ахьыбааԥсу ауп. Иахьа ақалақь аҿы аԥсуа школқәа зегьы ҩ-сменакны еихшаны аус руеит. Ақыҭаҿы инхо аҭаацәарақәа рхәыҷқәа ҵара бзиак роурцаз, иаҳа иахьыбзиоу ашкол ахь ицоит. Ус еиԥш аҭагылазаашьа ҟалаӡом араионқәеи ақыҭақәеи рҿы иҟоу ашколқәа шьақәҳаргылар",  — ҳәа азгәеиҭеит Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.