Арадио

Қәычбериа Тамшьтәи адесант аӡхыҵра иазкны: ҳамчгьы, ҳагәгьы арӷәӷәеит

Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа, амшын аԥшаҳәаҟны, 1993 шықәса ԥхынгәы 2 рзы аԥсуа десант ӡхыҵит. 25 шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа реиҿиашьа шыҟалаз арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны игәалаиршәоит Река ақыҭан еиҿкааз ахԥатәи аполк аҩбатәи абаталион акомандаҟаҵаҩ Славик Қәычбериа.
Sputnik
Қәычбериа Тамшьтәи адесант иазкны: ҳамчгьы, ҳагәгьы арӷәӷәеит

"Иӡхыҵыз адесант ҳамчгьы, ҳагәгьы дырӷәӷәеит. 300-ҩык аибашьцәа бџьарла еиқәных, еибыҭаны иаҳзааит, уи ҳара ҳзы цхыраара дуун. Иультәи ажәылара ашьҭахь ҳара еилаҳкааит аибашьра ҳаиааир шҳалшо. Зегьы ҳааизганы зықьҩык ҳаҟан, агәра ҳгеит аиааира агара шҳалшоз, уаанӡа аҷкәынцәа ргәы каҳан иҟан", — еиҭеиҳәеит Қәычбериа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа 1993 шықәса ԥхынгәы 2  рзы амшын аҟынтәи аԥсуа десант ӡхыҵит. Иара иалахәын хышәҩык рҟынӡа аибашьцәа, азеиԥш напхгара ҟаиҵон Заур Зарандиа. Адесант иахықәкы хаданы иҟан астратегиатә ҵак ду змаз, Аҟәаҟа ицоз амҩаду аанкылара. Иарала акәын абџьари аруааи зламҩаныргоз, уиадагьы ақырҭуа ар реиҳабыра Мрагыларахьтәи афронт ахь рымчқәа реиҳара ииаргар акәхеит. Уи иалнаршеит аԥсуа ар Шроматәи ахырхарҭа аганахьала  лҵшәа бзиала ақәыларатә еибашьрақәа мҩаԥыргарц.