Португалиа - Уругваи рыхәмаррахь аԥснытәи ашколхәыҷқәа нарыԥхьеит

Калдахуаратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа рзы рашәара 30 2018 шықәса рыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа рыцхәны иаанхоит. Абри амш аҽны дара Аԥсны Ахада идтәаланы Португалиа-Уругваи ршьапылампылтә еиндаҭлара иахәаԥшуан шәачатәи астадион аҿы.
Sputnik

Бадри Есиава, Sputnik

Руслан Чыкәбари Даур Амԥари макьанагьы рынасыԥ агәра цқьа ирзымгацт. Дара рыблала ирбеит шәачатәи астадион "Фишт" аҿы имҩаԥысуаз ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ахәмаррақәа руак.

Ачемпионат аиҿкааҩцәа Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ахәмаррахь днарыԥхьеит, ицу рзгьы абилеҭқәаа ҳамҭас ирҭеит. Иара абилеҭқәа ҩба калдахәаратәи ашкол-интернаҿ аҿы еиҿкаау ашьапылампылтә команда алахәылацәа ҩыџьа ирзынеишьҭит.

Рауль Хаджимба с учениками калдахуарской школы интернат на чемпионате мира по футболу

 "Ҳазыҟаҵаҩ аҭел дасны исеиҳәеит атәыла Ахада ихаҭа ашьапылампыл ахәмарра ахәаԥшрахь ҳашнеиԥхььаз. Оумашәа избеит, агәахәара дугьы снаҭеит. Акраамҭа агәра сызгомызт" ҳәа еиҭеиҳәоит Руслан Чыкәбар.

Ԥсоутәи аҳәааҿынтә ахәыҷқәа атәыла Ахада имашьынала аҭыԥ аҟынӡа инаргеит. Амҩан дара Рауль Ҳаџьымба изеиҭарҳәон аҵара шырҵо, ашьапылампыл ишасуа уҳәа акыр ажәабыжь.

Адунеи аҿы еицырдыруа астадион "Фишт" акәзар дара акыр иаршанхеит. Иссируп – абри ауп дара астадион хәшьаран иарҭаз.

 42 нызқьҩык рҟынӡа ахәаԥшыҩцәа иҭдырҭәааит астадион.

 "Сара Уругваи аиааира сазыԥшын, сҩыза Никита Амԥар Португалиатәи ахәмарыҩцәа дрыдгылон. Ахәмарра ҳәарада аинтерес аман. Аӡәгьы ицәанырра иҵәахуамызт. Уругваи аиааир сҭахын, иагьаиааиит", — иҳәоит Руслан.

Рауль Хаджимба с учениками калдахуарской школы интернат на чемпионате мира по футболу

Никита иакәзар, бзиа иибо ахәмарыҩ Лионель Месси дызлаз акоманда аҵахара игәы еихьнашьит.

Ахәмарра ашьҭахь дара рфотосахьақәа ҭырхит атәыла Ахада иеиԥш еицырдыруа ашьапылампыласыҩцәа ирыдгыланы: Никита Диего Лугано дидгыланы, Руслан –Диего Форлан.