Аџьар Ҟаԥшь аусзуҩцәа аԥшаарақәа ирыцырҵоит

2013 шықәса раахыс ареспублика иахьаҵанакуа зехьынџьара Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара иаҿуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5– Sputnik. Уажәазы аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ақалақь апаркқәа руак: "Алакә" аҿы иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахада Максим Забалуев.

"Аԥсны ҳусурақәа ирыцаҳҵоти. Иахьазы аусурақәа мҩаԥаагоит апарк "Алакә" иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы иҟалар зылшо ауадаҩрақәа рыҟамларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит атәыла ахадареи хабарда ибжьаӡыз рзы Акомиссиа алахәылацәеи", — иҳәеит Забалуев.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит 2018 шықәса рашәарамзазы Курченко лпарк аҿы изҿыз аԥшаарақәагьы ишрыцырҵо.

Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак Аԥсны аусура хацнаркит аибашьра анцоз аамҭазы.