Аԥсны аус адырулараны иҟоуп агеоинформациатә система

Урыстәылатәи аекспертцәа алархәны Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҿы имҩаԥысит аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз есышықәсатәи аконференциа иазку абрифинг.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны аус адырулараны иҟоуп агеоинформациатә система. Абри атәы абрифинг аҟны ирылаҳәан.

Ԥхынгәы 5 рзы Урыстәылатәи аекспертцәа алархәны Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрраҿы имҩаԥысит аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз есышықәсатәи аконференциа иазку абрифинг.

Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз есышықәсатәи аконференциа мҩаԥысуеит Аҟәа акультуратә сезон "Аԥсны-Урыстәыла 2018" аҳәаақәа ирҭакны. Асезон мҩаԥысуеижьҭеи 10 шықәса ҵуеит. Уажәазы аконференциа мҩаԥысраны иҟоуп "Агеоинформациатә система акультуратә ҭынха ахьчараҿ ихадоу афакторқәа руак" ахьӡала.

Аурыс-аԥсуа еиныррақәа реихшьаала ҟаҵо акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит абри аамҭала 200 рҟынӡа уснагӡатә шеицымҩаԥгаз.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит аинырра, агәаанагарақәа реимдара, аԥышәа аимдара" — лҳәоит лара.

Аԥсназы иҿыцу усхоит агеоинформациатә система аусура. Иара иаҵанакраны иҟоуп 2000 инареиҳаны Аԥсны аҭоурых-культуратә обиектқәа иныҭкааны реиҭаҳәа рыцны.

"Адунеи аҽаԥсахуеит. Аинформациа аиуразы азакәан инақәыршәаны дарбанызаалак имазароуп алшара ииҭаху аинформациа. Усеиԥш аҟаҵаразы абас ала еиҿкаау асаитқәа аԥҵалатәуп" — иҳәеит аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа, иагьазгәеиҭеит русбарҭа атәылаҿ зегь раԥхьа асеиԥш иҟоу асистема аусура ишаланарго.

Агеоинформациатә система аусхк аҟны апрактикатә хәҭа аусура аконференциаҿы урыстәылатәи аҟазауаа иддырбараны иҟоуп.

Аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара иазку афорум аатит Аҟәа

"Ҳара ишәҳарбоит аԥсҭазаараҿы асистема аусушьа, иаҳҳәап Москва аиҳабыра рҟны. Ишәҳарбоит дарбанызаалак атәылауаҩ аинформациа шиоуа. Иара убасгьы ишәҳардыруеит асистема аҩаӡара ҳарак шамоу" — лҳәеит Москва акультуратә ҭынха Адепартамент аиҳабы Иулиа Логинова.

Уи лколлега Екатерина Чуракова лгәаанагарала асистема акультуратә обиектқәа ӡырнагоит, иаланарҵәоит, иара зтәу, аус адызуло ауаа рзгьы аинформациа унаҭоит.

Абри ахырхарҭала аус ауеит апроект "Узнай Москву". Апроект абазаҿы иҟоуп инарҭбаау адыррақәа. Иара иалнаршоит авертуалтә екскурсиақәа рымҩаԥгара, аӡыргаратә фильмқәа рҭыхреи рбареи лҳәоит Екатерина Чуракова.

Аԥсназы иамбициозу проектны илшьоит асистема аусура ахыртра "ЭкоГеоПроект" адиректор хада Инна Барчан. Лара лгәаанагарала аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аҳәынҭқарра аҿиара афакторқәа ируакуп.

Барчан иазгәалҭеит асистема ҿыц хра аманы иҟалап ҳәа аҭоурых-культуратә обиектқәа рҭагылазаашьа ахылаԥшразгьы.