Арадио

Арсалиа: абаҟақәа рыхьчараҟны агеоинформациатә система акраҵанакуеит

Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа абрифинг аҟны илҳәеит Аԥсны абаҟақәа ргеоинформациатә система аԥҵараҿы Урыстәылатәи рколлегацәа рԥышәа рхы ишадырхәо.
Sputnik
Арсалиа: абаҟақәа рыхьчараҟны агеоинформациатә система акраҵанакуеит

"Урыстәылеи Аԥсныи акультуратә сезонқәа рҳәаа иҭагӡаны  есышықәса иҳабжьаҳҵо аиқәшаҳаҭраҟны пунктк хазы иҟоуп. Уи абаҟақәа рыхьчаразы астол гьежьқәа, аконференциақәа рымҩаԥгара иазкуп. Ашықәс иҭагазаны иахьа иаҳзааз  москватәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаиқәшәоит Санкт-Петербургтәи афорум аҟны, Москватәи адепартамент аҿы. Аха даара акраҵанакуеит Аԥсны имҩаԥааго аконференциа. Уи  иахьа тема хадас иамоуп агеоинформациатә система. Ари хышықәса акультура аминистрра аиалоу адепартамент имҩаԥыргоз апрограмма ахыркәшароуп. Агеоинформациатә система аҭагылазаашьа ҳнаҭоит Аԥсны иҟоу абаҟақәа рсиа,  рҭоурых, дара ртехникатә ҟазшьарбагақәа, рыхсаалақәа зегьы ҭагаланы аинформациатә ресурс аҟаҵара. Ҳзну аамҭазы адунеи аҿы абаҟа ахьчаразы  иаҵанакуа аинформациа зегьы еидкыланы  иҭагалазароуп. Иаҳзаааз Москватәи адепартамент аусзуҩцәауи аганахьала  дара иҟарҵаз ҳдырбоит. Акультура аминистрра,  аинститутқәа, аҟазаараҭҵааҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа зегьы рымчқәа еидкыланы иҟаҵатәу программоуп.  Уи  аӡәы имацара имыӡбеит, адунеитә ԥышәоуп.  Урыстәылатәи ҳколлегацәа русара ҳхы иаҳархоит, ҳапрограмма иалаҳгалоит", — лҳәеит Арсалиа.

Аԥсны аҭоурыхтә –культуратә баҟақәа ргеоинформациатә система аԥҵахоит ҳәа адырра ҟарҵеит акультура аминистрраҟны. Иахьа  аурыс експертцәа алархәны Аҟәа аусура иалагеит  аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы ахԥатәи аконференциа.