"2017 шықәсазы 423 –ҩык ахәыҷқәа иит, урҭ зегьы афонд ахьӡала ҵыԥх иҭалеит аа-миллионки фышәи ԥшьба нызқь, насгьы ашықәс анҵәамҭазы иҭалеит 42 миллиони 737 нызқь. Ианар акы 2018 шықәсазы инымхӡакәа абанк аҟны инхеит миллионки 18 нызқь мааҭ. 363-ҩык афонд ахьӡала арзаҳал рыҩҩит, урҭ ауаа зегьы аԥара рызшәан. Хазҭоу ашықәс ииуль акы аҟынӡа иит 247-ҩык ахәыҷқәа. Афонд ахьӡала урҭ аҭаацәарақәа рҟынтәи арзаҳал зыҩҩыз 180-ҩык аԥара рызшәоуп. Аԥара рызшәамкәа иаанхеит 67 –ҩык. Урҭ афонд ахьӡала аԥара шҭалалак ирызшәахоит. Афонд раԥхьа аусура ианалага астатистикатә рбагақәа маҷк ииашамкәа иҳауит. Уажәы иаҳбоит мызкы бжьаратәла ииуа ахәыҷкәа рхыԥхьазара 35-40-ҩык рҟынӡа шыҟоу. Ҳара уи, хымԥада, ҳаргәырӷьоит. Аха шәнызқь мааҭ рызшәаны, анаҩс есымза хԥа-ҳԥа нызқь мааҭ ашәара ҳцәыуадаҩхеит, ҳахьзибамырхо иахҟьаны", — лҳәеит Ҭарԥҳа.