Арадио

"Агәалашәара амҩала": аӷацәа ахымца аанкыларазы аиқәшаҳаҭрақәа еиларгеит

Sputnik Аԥсны апроект аҟны ишәыдаагалоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахроника.
Sputnik
"Агәалашәара амҩала": аӷацәа ахымца аанкыларазы аиқәшаҳаҭрақәа еиларгеит

Sputnik Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу аҭоурыхқәа зегьы есыҽны ишәзеиҭанаҳәалоит "Агәалашәара амҩала" захьӡу апроект аҿы. Аофициалтә шәҟәқәа, аветеранцәа ргәалашәарақәа, ашаҳаҭцәа рысалам шәҟәқәеи рымшынҵақәеи шәырзыӡырыҩлар ҟалоит арадио аҿы, иара убас Sputnik Аԥсны асаит аҿы шәрыԥхьар шәылшоит.