Sputnik
Қьериман Ҳалис Ебжьноу – Ҭырқәтәыла аԥшӡара акралԥҳәыс, 1932 шықәсазы имҩаԥысуаз аԥшӡараз адунеижәларбжьаратә еиндаҭлараҟны аиааира згаз, лабацәа иахьатәи Адлер араион аҵакырадгьыл иқәынхон ҳәа Sputnik аинтервиу аиҭеит Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи адиректор Џьамбул Инџьгьиа. Қьериман лабду иаб 1864 шықәсазтәи Аурыс-Кавказтәи аибашьра ашьҭахь Ҭырқәтәылаҟа дахыган.
"Ҭырқәтәыла урҭ нхон Сҭамԥыл ақалақь аҟны. Лабду асулҭан изааигәаз ауаа дрыҵаркуан, д-ԥашьан. Иҟалап, абри аҭагылазаашьагьы Қьериман ԥхьаҟатәи лԥеиԥш анырра анаҭазар. Лаб дҭуџьарын. Аҭаацәараҿы ирызҳауан фҩык ахәыҷқәа", — иҳәеит аҭоурыхдырыҩ.
Қьериман аҵара бзиа лыман. Дхәыҷаахыс амузыка дазкын, ибзиаӡаны афортепиано алырҳәон. Џьамбул Инџьгьиа ишазгәеиҭо ала, ари аҟазара аган лара иалылхит лан лаҳәшьеи ланшьеи рабжьгарала.
"Қьериман лан лаҳәшьа Невесер Кекдеш, Ҭырқәтәыла раԥхьатәи аԥҳәыс-акомпозиторс дыҟан, дыпианиноарҳәаҩын. Қьеримангьы ибзианы апианино алырҳәон. Лара ланшьа Мухлис Сабаххаддингьы амузыка инапы алакын. Уи адагьы иара еицырдыруаз журналистын", — азгәеиҭоит Инџьгьиа.
Атәыла илыԥшааху амҩа азышьҭызхырц зыгәҭакны амчрахь иааиз Мусҭафа Қьемаль Аҭаҭриук, мраҭашәаратәи атәылақәа рҟны имҩаԥысуаз аҳәса рыбжьара аԥшӡаразы аиндаҭларақәа Ҭырқәтәылагьы рымҩаԥгара далагеит. Аԥшӡара иакны иагоз Қьериман изныкымкәа ааԥхьара лоухьан арҭ аицлабрақәа дрылахәхарц, аха лаб мап икуан, макьана шықәсла дмаҷцәоуп ҳәа ҿыҵгас иҟаҵаны.
Лҭаацәа азин шлырҭазҵәҟьа, Қьериман лхы злалырхәыз аиндаҭларақәа рҟны аԥхьахәқәа лго далагеит. Раԥхьатәи аиааира аҵара ахьылҵоз ашкол аҟны илоуит, нас – дахьынхоз аокруг аҟны. Жәларбжьаратәи аиндаҭлара мызк шагыз, 50-ҩык Ҭырқәтәыла реиҳа иԥшӡаз аҭыԥҳацәа рыбжьара аиааира лгеит.
1932 шықәса ԥхынгәы 3 рзы Қьериман Бельгиа, европатәи атәылақәа 29 злахәыз аиндаҭлараҟны зегь раасҭа иԥшӡоу ҳәа ахьӡ лырҭеит. Џьамбул Инџьгьиа иазгәеиҭоит ари аиааира аполитикатәи аидеологиатәи ҵаҵӷәгьы аманы ишыҟаз. Аиндаҭлара алкаақәа рылаҳәара хә-минуҭк шагыз ажиури ахантәаҩы иҳәоит: "Ҳара иахьа азгәаҳҭоит ақьырсианра аԥсылманра аҵкьыс аиааира аиура" ҳәа.
Ҭырқәтәыла Қьериман илԥылон милаҭтә фырԥҳәыск леиԥш. Сҭамԥылтәи адәыӷбаангыларҭаҟны лара илеигәырӷьаны илԥылеит арымӡааҩык ажәлар.
"Сара авагон санҭыҵ, аҭырқәа афицарцәа сымҩа ылырхуан, еизаз ауаарацәа срылсырц азы. Дара рышәҭшьыҵәрақәа кны, агәырӷьабжь рхыҩуа исԥылон", — ҳәа Қьериман лмемуарқәа рцыԥҵәахак ааигеит Џьамбул Инџьгьиа.
1934 шықәса рзы Аҭаҭриук иҭижьит ажәлақәа рзы азакәан. Қьеримангьы Аҭаҭриук идҵала ажәла "Еџье" лырҭеит. Ари ажәа аҭырқә бызшәа аҟынтәи "акралԥҳәыс" ҳәа аанагоит.
Џьамбул Инџьгьиа ишеиҭеиҳәаз ала Қьериман зны аинтервиу лымызхуаз, "аҭырқәа ҭыԥҳа" ҳәа лазҳәаз ажурналист длыриашеит.
"Зны лара аинтервиу лымызхуаз аҭырқәа журналист "зегь раасҭа иԥшӡоу аҭырқәа ҭыԥҳа" ҳәа анылзиҳәа Қьериман аҭакс илҳәеит лара дышҭырқәаҭыԥҳам, дышчерқьесҭыԥҳау, инаҵшьынгьы иазгәалҭеит дшабазоу", — иҳәеит аҭоурыхдырыҩ.
Аиндаҭлараҟны аиааира анылга ашьҭахь, Қьериман лыԥсҭазааратә нхашьа ауаа ирылаҵәаны иҟамызт. Лара ҩынтә хаҵа дцахьан, уи Ҭырқәтәыла инхо аԥҳәыс лзы иаԥу ак акәны иҟамызт ҳәа азгәеиҭеит Инџьгьиа. Ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи лыман. 13-ҩык амоҭацәа драндуун.
Қьериман Еџье аҵыхәтәантәи лышықәсқәа илзааигәаз ауаа рыгәҭа илхылгеит. Лыԥсҭазаара далҵит 99 шықәса дшырҭагылаз, 2012 шықәса ажьырныҳәа 28 рзы.