"Гагра" арбага зныз ахаҳәшьаҟа аиҭашьақәыргылара нап аркуп

"Гагра" арбага зныз, Бзыԥҭа аҳаблан игылоу ахаҳәшьаҟа аиҭашьақәыргылара нап аркуп.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Бзыԥҭа аҳаблан нап аркуп, Гагра араион алаларҭаҟны игылоу "Гагра" ҳәа изныз ахаҳәшьаҟа аиҭашьақәыргылареи аиҿкаареи рзы аусурақәа.

Уи иақәырӡхо ахарџь ихахьы игоит, Гәдоуҭатәи ахатәы наплакҩы Инал Аџьба, иара убас ацхыраара ирҭоит Гагра араион анапхгареи, Аԥсны Жәлар реизара адепутат, Бзыԥҭа аҳаблан инхо Иури Ҳагәышьи, Амшынеиқәафымцамч Гагратәи аҟәшеи.

"Амшынеиқәафымцамч Гагратәи аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гәлиа иҟнытә исаҳаит, Гагра араион алаларҭаҟны игылоу, "Гагра" ҳәа аамҭала арбага зныз ахаҳәшьаҟа аҭыԥантәи ауааԥсыра аиҭашьақәыргылара ргәы шазыҳәо. Ари архитектуратә баҟа сара исзааигәаӡоу сҭынха Виктор Дбар иакәын авторс иамаз, насгьы хаҭала аргылара инапы алакын аҟнытә, иаразнак адгылареи ацхыраареи шаасырԥшуа агәра исыргеит", — иҳәоит анаплакҩы Инал Аџьба.

Ахаҳәшьаҟа аура 29 метра ыҟоуп, азеиԥш ақәӡара 425 вкадраттә метр.

Инал Аџьба иажәақәа рыла, иара хықәкы хадас имоуп акультуратә ҭынха ахьчара.

"Гагра араион анаҩс, ари абжьаларҭаҟнытә Риҵаҟагьы уцоит. Аҭыԥ даара иԥшӡоуп, ашәаԥыџьаԥ еинаалоуп. Убри аҟнытә, акәша-мыкәша ишахәҭоу еиԥш еиҿкаахар, аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш, Аԥсныҟа иаауа асасцәагьы агәахәара рнаҭалоит", — ҳәа ҳаилиркааит Инал.

Ачашәи, ачаџьи, ачаҳаржәи: Ҭырқәтәылатәи "Гагра" аҭоурых

Аҭагылазаашьа ихы иархәаны, Инал Аџьба анаплакыҩцәеи абизнесуааи аҳәара риҭоит, доусы излаилшо ала Аԥсны дацхраарц, иахьа зҭагылазаашьа уашәшәыру, ажәлар ӡырызго аобиектқәа реиҭашьақәыргылара иазхәыцырц, рлагара ҟарҵарц.

Ахаҳәшьаҟа ашьыхреи аиҭашьақәыргылареи рзы ахархәара аман 600 кьыла иҷыдоу аргыларатә аиларҭәа, 500 кьыла ацемент шкәакәа, 4 кубк аԥслымӡ.

Аусурақәа анхырқәшахалак, араҟа иадҩылахоит "Гагра араион" ҳәа, иара убас Гагра ақалақь ахатәы герб аҭахоит.

Ахаҳәшьаҟа аиҭашьақәыргылара активла иацхраауеит Гагра араион анапхгарагьы, дара иазалырԥшааит иахәҭоу аргыларатә маҭәахәқәеи, атехника ҷыдеи. Амшынеиқәафымцамч Гагратәи аҟәша аспециалистцәа, ахаҳәшьаҟахьы инаргеит афымцатә цәаҳәақәа, иқәдыргылеит афымцаҽацәыхьчагақәа.

Аҵыхәтәаны, ахаҳәшьаҟа аҵаҟа инаркны хыхьынӡа алашарбагақәа аҵаԥхо иҟалоит.