Арадио

Логәуа Очамчыра араионаҿ аиубилеитә рыцхәқәа шазгәаҭахо иазкны

Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш ныҳәа 10 шықәса ахыҵреи, Аиааира амш ныҳәа 25 шықәса ахыҵреи аҳаҭыраз Очамчыра араионаҿ еиҿкаахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ртәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ҭелла дзыҿцәажәаз Очамчыра араион акультура аҟәша аиҳабы Вианор Логәуа.
Sputnik
Логәуа Очамчыра араионаҿ аиубилеитә рыцхәқәа шазгәаҭахо иазкны

"Аиааира амш мҽхакы ҭбаала араионаҿ иазгәаҭахоит. Апрограмма иҩны, еиқәыршәаны иҟаҳҵахьеит. Аибашьраан иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала абаҟа аргылара иаҿуп, ианаамҭоу аусурақәа хыркәшахап ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Ашьыжь инаркны хәылбыҽханӡа аусмҩаԥгатәқәа азгәаҭан иҳамоуп. Ҳансамбль "Ерцахә" аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥгахо аконцерт ду иалахәуп. Мықә ашҭаҿ имҩаԥгахоит аҽырыҩра, аха анаҩс, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь хәыҷык инаханы, аныҳәа ду анаҳхаҳгалак ашьҭахь", — ҳәа азгәеиҭеит Логәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.