"Хра злоу ахҭысқәа": Цәышба иультәи ажәалырақәа ирызкны
© Sputnik
"Иультәи ажәылара амҽхак ҭбаан. Раԥхьатәи аиааира ҳзыргаз Афон-Ешыратәи абаталион ауп, Каман маҷ агараан. Убри ашьҭахь егьырҭ абаталионқәагьы ргәы шьҭыҵит. Ҳарҭ аҩбатәи абаталион аҩбатәи абригада, Гагратәи абаталиони Гәымаа ҳгар акәын. Ақыҭа иаакәыршан иҟаза ахәқәа рҿы аибашьра ӷәӷәа цон", — иӷәалиршәоит Цәышба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.