Арадио

Бҷиа: аԥсыӡкра иабзоураны аҩызцәа сырҳаит

Аԥсыӡкҩы Кәынач Бҷиа Sputnik аефир аҟны иҳәеит игәы иақәшәо, иԥсыршьаганы ииԥхьаӡо аԥсыӡкра иабзоураны аҩызцәа ирҳаит ҳәа.
Sputnik
Бҷиа: аԥсыӡкра иабзоураны иҟоуп исырҳаз аҩызцәа

"Бзиа избоит, ԥсшьара ҳасабла схы иасырхәоит аԥсыӡкра. Аԥсыӡ скуеижьҭеи акрааҵуеит шьҭа, излазгәасҭо ала, иаҳа-иаҳа имаҷхоит амшын аҟны аума, аӡиасқәа рҿы аума. Ииашамкәа изкуа ыҟоуп, урҭ аԥырхага ҟарҵоит, аха агәаԥхара умазар, макьана иуԥыхьашәоит аԥсыӡ. Иҟоуп аҭыԥқәа аԥсыӡ ииашамкәа изкуа анырбалак, икны иахьырԥҟо, иахьҭырцо. Аиашагьы ҟарҵоит ҳәа сыԥхьаӡоит.  Амҽеирақәа ҟазҵо уажәы иаҳа еиҵахеит, аха аԥсыӡгьы маҷхеит. Иазгәасҭар сҭахуп, ари аԥсыӡкра иабзоураны аҩызцәа исырҳазгьы ыҟоуп, сзабадырыз ауаа", — иҳәеит Бҷиа.