Арадио

Бениа зхы иақәиҭу ақәԥараз атурнир иазкны: асасцәа рацәан

Гәдоуҭа араион аҿари аспорти аҟәша аиҳабы Џьарназ Бениа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы имҩаԥысыз зху иақәиҭу азы аҩбатәи жәларбжьаратәи атурнир алҵшәақәа ртәы.
Sputnik
Бениа зхы иақәиҭу ақәԥараз атурнир иазкны: асасцәа рацәан

"Владимир Амаршьан ихьӡ зху зхы иақәиҭу ақәԥараз жәларбжьаратәи атурнир иалахәын 170 ҩык аспортсменцәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟнытә. Сынтәа раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааит аингушцәеи акалмыкцәеи. Ҩымш имҩаԥысуаз атурнир аҿы хьтәы медалла аԥсуа спортсменцәа зегьы иреиҳахеит", — ҳәа азгәеиҭеит Бениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.