Санӡаа: ҳџьынџьуаа аԥсшәа дырҵаразы схы иасырхәоит еиуеиԥшым аметодикақәа
© Sputnik
"Сара иазгәаҭан исымоуп доусы ишизнеитәу. Аԥхьа анбанқәа рыла салагет, аха сааҟәымҵӡакәа дара ҳҵалар ргәы хшәар ҳәа сшәеит. Зны анбан, зны ҿырҳәалатәи аҵатәқәа уҳәа убас еилаԥсаны ҳҽазаҟаҳҵон. Насгьы аинтернет схы иархәаны, аҩны санааилак иаҳҵаз зегьы ҭырқәшәала еиҭагана сыбжьы анҵаны, ирзысышьҭуан. Абасала ҳҽазыҟаҳҵон. Убри ауп сметодикаҿы зегь реиҳа исыхәан избаз, мамзар ҩ-сааҭк ирылагаӡаны ари зегьы иуздырҵаӡом", — ҳәа азгәалҭеит Санӡаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.