"Одиссеи Николаиди напхгара зиҭо агәыразратә фонд «Скауты Абхазии» ахәыҷтәы лагер еиҿыркааит Чхәарҭал. Мышкы уи иалахәын ҩажәаҩык аҵаҩцәа Чхәарҭалантәи, аҩбатәи амш азы Ҵарчантәи. Ус еиԥш аусмҩаԥгатә еиҳарак аҿар рааӡара иадҳәалоуп. Уи ашьхаҟны ахымҩаԥгашьа, аԥсабара шыхьчатәу днарҵоит. Алагер ахьҳамаз аҭыԥаҟны аԥсуа баа ҳрыцқьон, уи ҳҭоурых ахьчара иадҳәалоуп. Насгьы ақыҭаҟны уи аҭыԥ ӡырҳгарц ҳҭахуп, ҳаԥхьаҟа аԥсшьаҩцәа аҭааларц. Иахьа ақыҭанхамҩа ԥсыҽхеит, иаҳҭахуп хәыҷык ҳрыцхраарц ирымоу раалыҵ аԥсшьаҩцәа ирзырҭиларц. Сынтәа ақыҭа аҭоурых ҭаҳҵаауеит, анаҩс атуроператорцәа адҳаԥхьалар ҳҭахуп. Алагер ахьҳамаз Реч абаа абыжьбатәи ашәышықәса иаҵанакуеит. Ахәыҷқәа рнаҩсгьы адуцәагьы аинтерес ркит, еиҭарҳәон аҭоурых. Сынтәа ари ақыҭаҿы алагер ԥышәарак аҳасабала имҩаԥган. Ақыҭеи ақалақьтә хәыҷқәеи ақыҭауааи реимадара еиқәнархоит ҳбызшәа, ҳкультура, ҳдин, ҳҵас. Сгәы иаанагоит ари иаҭахны иҟоу усуп", — иҳәеит Аргәын.