Аҳәынҭқарратә Думаҿ НАТО аҭак шаиуа азгәарҭеит

НАТО иааҟәымҵӡакәа арратә мчхара иахьацнаҵо Урыстәыла аҭак ҟанамҵар ада амуа иҭанаргылоит иҳәеит Аҳәынҭқарратә Дума атәылахьчараз аилак ахантәаҩы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 11– Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума атәылахьчараз аилак ахантәаҩы Владимир Шаманов аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО иааҟәымҵӡакәа арратә мчхара иахьацнаҵо Урыстәыла аҭак ҟанамҵар ада амуа иҭанаргылоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Европеи Америкеи рҳәоуеиқәымшәара НАТО ҵнашәаауеит

Адепутат игәаанагарала Аҩадатлантикатәи алианс имҩаԥнаго аусқәа рыла аибарххаратә ҭагылазаашьа аԥнаҵоит.

"Адгьыл аҟны ҳәаақәак аԥҵаны иҟазар, аҳауаҿ НАТО атәылақәа рҳаиртә мчрақәа Урыстәыла аҵакыра ааигәара имҩаԥырго аԥыррақәа аҭагылазаашьа акыр амца аҵанаҵоит. Урҭқәа зегьы хырыҩ рыҭара залшом. Ҳаргьы аҭак уснагӡатәқәа мҩаԥаҳамгар амуа иҟалар алшоит", — иҳәеит иара.

Уаанӡа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иазгәеиҭахьан алианс европатәи адгылаҩцәеи Канадеи атәылахьчара аԥаразоужьра еиҳартәраны иҟоуп, 2024 шықәсанӡа абиуџьет 266 миллиард доллар алагалахоит ҳәа. Иара убасгьы дақәгәыӷуеит атехника аганахь алагьы ахыԥхьаӡара аизҳара мҩаԥысып ҳәа.