Роналду "Иувентус" ахь диасыр ҟалоит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла Туринтәи "Иувентус" азыхиоуп иахьазы адунеи аҟы иреиӷьу ашьапылампыласыҩцәа ирхыԥхьаӡало Криштиану Роналду 2022 шықәсанӡа аилаӡара идгалара. Убри аан иара шыкәсыктәи иулафахәы иартәоит 30 миллион евро.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 11 — Sputnik. Мадридтәи "Реал" ақәшаҳаҭхар, хәынтә "Ахьтәы мпыл" занаршьахьо, Партугалиа еизгоу акоманда ажәылаҩ Криштиану Роналду иоушьҭра "Иувентус" азыхиоуп игара ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

Роналду ашьапылампыл азы адунеи Ачемпионат аиҿкаашьа дыхнахит

Адырраҭарақәа рҿы иазгәаҭоуп Роналду ихаҭа "Реал" ахь аҳәара ҟаиҵеит доурышьҭырц ҳәа.

Ашьапылампыласыҩ "Реал" ахь "Манчестер юнайтед" аҟынтәи диасит 2009 шықәса рзы. Иара ииасыз ашықәс азы 44 хәмарра дрылахәын, 44 мпыл ҭаиршәит, ачемпионцәа Рлигаҿ аиааира игеит.

Португалиа еизгоу акоманда далахәны Роналду 2016 шықәса рзы Европа дачемпионхеит.

Сынтәа, хәажәкырамзазы Роналду 33 шықәса ихыҵит. Европатәи ашьапылампыласыҩцәеи (85) ачемпионцәа Рлигеи (120) рыбжьара иҭаиршәыз ампылқәа рхыԥхьаӡарала арекорд шьақәиргылеит.