Аиааира аныҳәамш ахьӡ ҿыц аиуит

Аԥшьаша, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 12 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥшьаша, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара.

Аилатәараҿы адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәеит цәыббра 30 рзы есышықәса Аԥсны иазгәарҭо аҳәынҭқарратә ныҳәа "Аиааиреи ахьыԥшымреи Рымш" ҳәа ахьӡызарц.

"Сгәыӷуеит акраамҭатәи аимак-аиҿак ашьҭахь ҳныҳәа хада иара ахаҭара иныҭкааны иаазырԥшуа ахьӡ – "Аиааиреи ахьыԥшымреи Рымш" аиуит ҳәа", — иҳәеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи реилак ахантәаҩы, Апарламент адепутат Илиа Гәниа азакәан апроект адепутатцәа ирыдгало.

Адепутатцәа еицҿакрыла аиқәшаҳаҭхеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа" рзы азакәан аԥсахра алагалара.