"Ҳныҟәараан иаҳбеит ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра змам аԥстәқәа. Урҭ рыкрыфара, рыжәра иагуп, аветеринартә цхыраара рымаӡам, уи шзакәаным деилҳаркааит аԥстәқәа рыԥшәмацәа. Ас еиԥш аԥстәқәа рызныҟәара гәымбылџьбароуп. Уи азакәан аҿгьы иарбоуп. Есышықәса иҭҳажьуа ақәҵараҿгьы иарбоуп, абна илоу аԥстәқәа шыхәыҷу раагара шзиным. Аԥстәқәа кны измоу аԥшәмацәа зегьы агәҽанызаара раҳҭеит, иҟаҳҵо ақәҵара мап ацәыркыр, усҟан иаҳа иџьбароу амчқәа рхархәара азин ҳарҭартә иҟаҳҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.