Амилаҭтә банк зыхә дуум аметалл иалхны аԥсарқәа ҭрыжьыр алшоит

Ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik, Бадри Есиава. Адепутатцәа реилатәараҿы иазырыӡбеит Аԥсны амилаҭтә банк аиубилеиқәа ирыдҳәаламкәа, зыхә дуум аметалл иалхны аԥсарқәа ҭрыжьыр алшоит ҳәа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы хәызмоу аметаллқәа ирылхны агәалашәаратә инвестициатә ԥсарқәа ахархәара рыҭаразы" азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы ажәадгала ҟаиҵеит Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.

"Арҭ аԥсахрақәа азырхоуп азакәан шьаҭа рыманы Амилаҭтә банк аԥсарқәа ҭнажьларц, хәы змоу аметаллқәа ирылхны еиԥш хәы змам аметаллқәагьы ирылхны. Аколлекционерцәеи атуристцәеи рыбжьара асеиԥш иҟоу аԥсарқәа ахархәара ду роуеит", — иҳәеит Шамба.

Азакәан аҿы асеиԥш аԥсахрақәа Шамба игәаанагарала арҭ аԥсарқәа рыларҵәара рылдыршоит.

28-ҩык адепутатцәа азакәан аԥсахра алагаларазы рыбжьы рҭиит. Мап аӡәгьы иацәимкит.