Арадио

Дбар: амармалташьтә пты аиҳа арҵу иаҵәа аԥыхра мариоуп

Аекологиатә институт аиҳабы Роман Дбар арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит арҵу иаҵәа ҷыдарақәас иамоу.
Sputnik
Дбар: арҵу иаҵәа амармалташьтә пты аиҳа аԥыхра мариоуп

"Арҵу иаҵәа ҳаԥсабара иатәу ак ауп. Ақалақь аҩныҵҟагьы иубар алшоит. Абнаҿы рхыԥхьаӡара анырацәахалакгьы аҵарақәа бзиа ирбоит, икны ирфоит, ус еиԥш рацәа изыҿиом. Иара зшьуа ахәшәқәа рхыԥхьаӡарагьы маҷым, амармалташьтә пты еиԥшӡам, иԥшқәоуп, ахәшәгьы анафалак иаразнак иашьуеит. Аха амхыҭрақәа зегьы инеиԥынкыланы ахәшәтәра уалагар, иара иҟанаҵаз аԥхасҭа аиҳа, ахарџь иаҳа ирацәахар ҟалоит", — иҳәеит Дбар.