Арадио

Аҩӡба: асимволтә ҵакы змоу зегьы ахыҭҟьа иаҩызазароуп, ажәакала ицәажәозароуп

Жәлар реизара адепутатцәа ирыдыркылаз аӡбамҭа, цәыббра 30 - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ныҳәа ҳәа ахьыӡҵара азы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы игәаанагара иҳәеит аибашьра аветеран, аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкны

"Ари компромиссуп, аполитикаҿы ус иҟоуп, еиуеиԥшым агәаанагарақәа аныҟалалакгьы ус алҵуеит. Аибашьра ашьҭахь цәыббра 30, Ахақәиҭтәра ҳәа акәын ишашьҭаз. Са сахаануп Ахьыԥшымра ҳәа аофицала ианахьӡарҵоз, 2002 шықәса рзы ауп. Аныҳәақәа ррыцхәқәа рышьақәыргылара зегьы аҭоурыхк, ҭагылазаашьак иадҳәалоуп. Иара усҟан иалазгалазгьы раԥхьатәи ҳхада иоуп.  Усҟан ҳҭагылазаашьа убыс иҟан, Қырҭтәылеи ҳареи ҳаиӷацәан, Урыстәылаҟа ҳхы ҳмырхар ада ԥсыхәа ҳамамызт. Ҳара уахь ҳхы ҳархоит, аха ҳара ихьыԥшым шҳәынҭқарроу, иҳамоу аныҳәа ахьыӡ убри ишьақәнарӷәӷәоит ҳәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны иадкылан. Сара сгәаанагарала Ахьыԥшымра амш ҳәа ишыҟаз иаҳа ииашоуп. Аҳәынҭқарраҿы аҵакы змоу аныҳәақәа рыӡбахә ануҳәо, аҳәынҭқарра алахьынҵа зыӡбаз ахҭыс, ари баша ҭоурыхтә хҭысӡам, ари символуп, асимвол змоу зегьы ахҭҟьа иаҩызазароуп, ажәакала ицәажәозароуп. Ахьыԥшымра иаҳа ҵакыла иӷәӷәоуп, идууп аиааира аҵкыс, убри еилаҳкаауазароуп", — ҳәа азгәеиҭеит аҭоурыхҭҵааҩ арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.