Атанкситцәа рымш аҽны ишәыдаагалоит Мрҭашәаратәи афронт аибашьҩы, атанкист, Аԥсны Афырхаҵа Геннади Смыр иҿцәажәара.
Абаҩхатәра злоу асахьаҭыхҩы қәыԥш Саида Ԥлиаԥҳа лҟазара аҷыдарақәа ртәы еиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳаи лареи реиҿцәажәараҿы.
Ашколи ашахмат асреи бзиа избо Нестор Кәыҵниа Очамчыра имҩаԥысуа жәларбжьаратәи ашахматтә турнир далахәуп. Избан ашахматист қәыԥш аинтеллектуалтә хәмарра бзиа изыибо, насгьы иарбан еихьӡарақәоу иааирԥшхьоу, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит.
Аԥсаӡ архиара атрадициа Аԥсны ианбаланагалеи, насгьы уи аҵла аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы ҵакыс иамоузеи? Абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟалҵоит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа иазлырхиаз аматериал аҟны.
Ҭагалан беиоуп адгьылқәаарыхра иадҳәалоу аныҳәақәа рыла. Аҧсуа жәлар рамзар аҟны арҭ аныҳәарақәа рцикл хыркәшахоит "Аамҭахә" ("аамҭа ахәы"), мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу" ҳәа ахьыӡшьара змоу аныҳәарала.
Ҽаҩраҭагалара анцәахәы Џаџа илызкны аԥсуаа уажәааны имҩаԥыргоз аныҳәара дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Жәлар зыхӡыӡаауа, наџьнатә аахыс изымҵаныҳәо, абла ҷыц еиԥш изхәаԥшуа жәҩантә цәырҵрақәоуп амреи амзеи. Ҳәарада, уи зыхҟьоз амра – ԥсҭаҵаган, ауаа аԥхарра рнаҭон, адгьылқәаарыхра зыҟаломызт иарада. Амза акәзар, уахынла адгьыл иқәыҷҷон, аныҟәаҩцәа амҩа днарбон.
Аԥсуаа аџьықәреи рхы иадырхәо иалагаанӡа аларҵәара ӷәӷәа змаз аши ахәыӡи рҭоурых дагәылаԥшны иаҳзеиҭалҳәеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа
Анасыԥ аиура, мамзаргьы, даҽакала иуҳәозар, аҭаацәара алалара иадҳәалоу хра злоу аԥсуа ажәлар разгәаҭарақәак ртәы ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Амчыбжь алагамҭеи анҵәамҭеи рыҩнуҵҟа аԥсуаа иалкаау, иҷыдоу амшқәа рымоуп, урҭ "амшшьарақәа" ҳәа ирышьҭоуп. Ахаҭа ажәа "амшшьара" уазааҭгылозар, уи еилоу ажәоуп, ишьақәгылоуп ажәақәа "амш", "ашьара" реицҵарала.
Иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ажәлар рхаҭа раԥшьгарала имҩаԥыргеит ахныҳәара, ачымазара ҿкы алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы, Ҳазшаз илԥха-игәыԥха ҳамазарц, ачымазара хара иаҳҟәыгазарц азы. Уи шымҩаԥыргаз атәы ҳзеиҭалҳәоит Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсны алхратә ҭыԥқәа зегьы адыркит хәажәкыра 22, асааҭ 20:00 рзы. Алхратә комиссиа хада иаразнакала абжьқәа рыԥхьаӡара нап адыркит.
Аԥсны АКХ заанаҵтәи алаҳәарақәа ҟанаҵоит хәажәкыра 23 рзы. Абжьыҭара ахьымҩаԥысуаз алхырҭатә ҭыԥқәа 154 зегьы русура ааныркылеит асааҭ 20:00 рзы.
Гагра ақалақь Акультура аҩны администратор, занааҭла иҭоурыхҭҵааҩу, аха ԥсабарала исахьаҭыхҩу, 40 усумҭа знапы иҵҵхьоу, ақәынҵеи ахаҳәи рҟны асахьа ҭызхуа Татиана Саноиан иаҳзеиҭалҳәеит лколлектив илырҭаз адгылара иабзоураны лхатәы цәыргақәҵа аиҿкаара дшазхәыцыз атәы.
Сынтәа жәашықәса ахыҵуеит адунеи аҿы ахархәара ду змоу асоциалтә ҳа Инстаграм. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳтәылаҿгьы зхатә блог мҩаԥызго ахархәаҩцәа цәырҵит. Инстаграм ала ухы узныҟәгома? Аинтерес аҵоума? Иабанӡауадаҩу? Хҩык аԥсуа блогерцәа арҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара иадгылоу аԥшьгаратә гәыԥ ауаажәларра ирԥылеит ажьырныҳәа 21 рзы. Аиԥылараҟынтәи ихадаз азгәаҭақәеи 20-тәи ахәҭаҷ алхрақәа рҟынӡа Апарламент иаднамкылар иҟалар зылшо ахҭысқәеи дырзааҭгылоит Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ԥақәашь ақыҭа инхо Ҭаниаа рҭаацәараҿы иԥшьоу аныҳәа - Ажьырныҳәа шазгәарҭо дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳтәылаҟны имҩаԥысуан имариамыз аполитикатә хҭысқәа, урҭ рзы лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсуаа рныҳәара хада Ажьырныҳәеи уи Анцәахәы шыҟалази, иахьа аныҳәа амҩаԥгара иацу аҷыдарақәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Ҳаамҭазы атехникатә прогресс иабзоураны еилыркаауеит амш зеиԥшрахо: ианыцәгьахо, ианыбзиахо. Уи азҵаара еилзырго аҳауагәаҭаҩцәа аԥсуаагьы иҳамоуп уажәшьҭа, аха иахьагьы ажәлар рамзартә гәаҭагақәа рыла амш, мамзаргьы аамҭа зеиԥшрахо еилзырго ауаа ыҟоуп.
Очамчыра имҩаԥгаз "Арашь Бзоу. Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт" захьӡыз ацәыргақәҵаҿы идырбан аҽыбӷаҟазаратә спорт иазку афотосахьақәа, аҽцәа рымаҭәа, амузеитә маҭәарқәа, иара убас авидеонҵамҭақәа.
Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа дазааҭгылоит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа рзы азакәан иалоу аԥынгылақәа шырџьбаратәу, иара убас ацәгьоуцәа ирызԥырҵәо ахьырхәрақәа иахәҭоу ахылаԥшра шрыҭатәу.
Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны раԥхьаӡа акәны онлаин ахь ицәырҵит ԥхынҷкәын 8, 2014 шықәсазы. Сынтәа уи иазгәанаҭоит раԥхьатәи аиубилеи – хәышықәса ахыҵра.