Арадио

Ҷанба: аиубилеи аҟны аҟаза изы ихадароу, иара ирҿиара ауп

Аиубилеитә ныҳәақәеи, автортә хәылԥазқәеи рымҩаԥгашьа агәеихьшьра заҳнаҭозеи, ԥсахшьас иамоузеи уи? Абри азы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсуа драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ҷанба автортә хәылԥазқәа рымҩаԥгара иазкны

"Аҳәаанырцә ишымҩаԥырго еиԥш ара аҟаҵара сақәшаҳаҭым, ҳара иҳамоуп ҳхатә культура, ҳаԥсуара. Ҳкультура ҳаԥсуара иамаданы иҟалароуп. Ахәылԥазқәа анымҩаԥааго иаҳдыруазароуп иаҳҭаху, хықәкыс иҳамоу. Зегьы ҳааизаны ҳалацәажәаны ауаҩы данииз, даныԥсыз, ашкол ахь данцоз, дышцоз… ҳара зегьы ҳиит, ашкол ахь ҳцеит, ари зегьы еицаҳзеиԥшу ауп. Аҟазауаҩы уанилацәажәо, уи даланырҟәуеит, избанзар арҿиаҩы изы ихадароу иара иҟазара ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷанба.