Арадио

Какалиа 1989-шықәсазтәи ахҭысқәа ирызкны: аԥсуаа аӡәк иеиԥш ҳаидгылеит

Ԥхынгәы 15-16, 1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи реиҿагылара шымҩаԥысуаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны игәалиршәоит урҭ ахҭысқәа ирылахәыз Иван Какалиа.
Sputnik

"Убысҟан ажәлар шәгыл, шәеидгыл ҳәа аӡгьы ирылаимҳәеит. Саԥсыуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз, зегьы аӡәк еиԥш Ацҳа ҟаԥшь аҿы игылан. Абџьар, ахҭысқәа ҿиаанӡа иҳалырххьан, ҳнапаҿы иаҳкыз ашәарыцагатә шәақьқәа ракәын, иара урҭгьы ҳазхомызт. Напышьашәала акәын ишықәԥоз аҷкәынцәа, ашьа рҿашы, иахьа еиԥш исгәалашәоит урҭ амшқәа", – еиҭеиҳәоит Какалиа.