Арадио

Лакрба 1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи реидыслара иазкны

Ԥхынгәы 15-16, 1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи реиҿагылара шымҩаԥысуаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны игәалаиршәоит урҭ ахҭысқәа ирылахәыз, ажурналист Оҭар Лакрба.
Sputnik

"Аидыслара мышкымзар мышкы иҟалараны ишыҟаз ҳдыруан. Ахҭысқәа шыҿиоз ала абри шьакаҭәарада еилгоит ҳәа ҳаҟамызт. Урҭ амшқәа рзы аԥсуа телехәаԥшра, арадио аусзуҩцәа, еилшәарада мчыбжьык иназынаԥшуа уахгьы ҽынгьы аусура ҳаҟан. Аҭагылазаашьа уадаҩхеит аҭыхратә гәыԥқәа ҳзымхо аҟынӡа. Аҟәа акырџьара амитингқәа мҩаԥысуан, Аҳәынҭқарратә университет ахьыҟаз аҭыԥ аҟнытә шьапыла ақалақь агәҭахьы иаауан, Ачадара хазы амҩа кын.  Ҳаҽҟьаны усҟан аус аауан", — игәалаиршәоит Лакрба урҭ амшқәа.