"Ҳазҭалаз амчыбжь азы амш аҭагылазаашьа ҭышәынтәалам, уи зыхҟьазгьы аҳауақәыӷәӷәара лаҟәы иаҳхыкны Нхыҵ-Кавказ, Украина уҳәа, аҽарҭбааны иҟоуп, убри анырра ҟанаҵалоит макьана. Ахашеи аԥшьашеи ладантә иаауа аԥхарра аҭыҵра иабзоураны амш хәыҷык еилгоит, ақәа леиӡом. Аԥсшьарамшқәа ракәзар, иналак-аалакны илеилоит, аха иҳаҩсыз амшқәа рзы иҟаз аҭагылазаашьа еиԥш иҟалом", — ҳәа азгәеиҭеит Цәышба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.