Дранда ақыҭан аԥҳәыс ақәылаҩ дылшьит

Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан ԥхынгәы 16 асааҭ 22:00 рзы ауаҩшьра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik. Анаплакыра "Аҩӡба" аусзуҩ, ашьаусҭҵааразы зыхьӡ дмырзо, ақәылаҩ дылшьит, шәақьла диехсны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

Минаиа Ҭемыр аԥҳәыс аамҭала дахьыԥхьоз аҭыԥаҿы днеины длықәлеит, аԥарагаразы абџьар ихы иархәо.

"Ашьаусҭҵааразы зыхьӡ дмырзо ахаҿы "Л" илылшеит ацәгьауҩы иабџьар имхра, иара иахь ахы рханы ахысра. Минаиа Ҭемыр, 1977 шықәса рзы ииз, иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иара уа иԥсҭазаара далҵит. Иара ицыз ҩыџьа, макьаназ зхаҭара шьақәыргылам, бналеит", — ҳәа аҳәоит асаит адырраҭара.

Ахҭыс аганахьала ашьаусҭҵааара хацыркуп.