Арадио

Гогәуа Евтушенко изкны: ихаҭара иаҵанакуаз рацәан

Апоет, апублицист, актиор Евгени Евтушенко иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 86 шықәса. Зҿара аамҭақәа рзы Аԥсны изныкымкәа иаҭаахьаз арҿиаҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дигәалаиршәоит жәлар рышәҟәыҩҩ Алықьса Гогәуа.
Sputnik

"Евтушенко ихы идыруа даныҟала инаркны дымтәаӡакәа аус иуан.  Иара ихаҭара иаҵанакуаз рацәан. Иара ахақәиҭра, адемократиа, ажәлар, абзиа атәы зҳәоз ажәеинраалақәа ирыԥхьоз, астадионқәа еизызгоз дреиуан. Зкультуреи зыԥсадгьылы бзиа избоз дреиуан", — ҳәа азгәеиҭеит Гогәуа.