Арадио

Ԥлиаԥҳа ауаҩшьрақәа ирызкны: аҳәынҭқарратә усбраҭақәа русура иалыҵшәоуп

Зураб Ачба ихьӡ зху аҵаратә центр "Ақәымчра змам адунеи "аиҳабы, ААУ аполитогиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәалҭеит аҵыхәтәантәи аамҭаз ацәгьоурақәеи, ауаҩшьрақәеи рырацәахара зыхҟьаз аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура аԥсыҽхара шакәу.
Sputnik

"Абысҟак имаҷны ауаа ахьынхо, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳаиҿурԥшуазар, ирацәоуп арыцҳарақәа. Аполитика аҭҵаара унагәылаԥшны уахәаԥшыр, ҳҳәынҭқарра акәамаҵамарақәа, аформақәа ԥсыҽуп.  Адуоҳатә, акультуратә, ашәарҭадаратә уҳәа зегьы, русура атәы рдыруазароуп. Абжа еиҭабжа аҟынӡа русура анынармыгӡа,  иахьа аҭыԥ змоу арыцҳара аҟынӡа ҳнанагоит. Аҳәынҭқарратә институтқәа русура ԥсыҽуп, аха ҳара ҳҳәынҭқарра президенттә ҳәынҭқарроуп, аконституциа ала аӡәызаҵәык иоуп аҭакԥхықәра змоу, аха уи илшама абарҭ зегьы реиҿкаара?

 Аԥсуаа еснагь аҟәыӷара рыман, ачҳара рылан, аха аԥсуаа ҳмаксималистцәоуп, еснагь иеиӷьу ҳашьҭоуп. Маҷӡак иадымхаргьы ацхыраара ҳаур, абри аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуеит", — ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.