Дауҭиа ибгаз аҭоурыхтә баҟа иазкны: иаҳзымыхьчеит
© Sputnik
"Ари ҩажәатәи ашықәсқәа иаҵанакуаз ҭоурыхтә баҟоуп, Афон ақалақь агәҭаны игылан. Зегьы хылаԥшра аҳҭар акәын. Ас еиԥш иҟоу ахыбрақәа рыхьчара зегьы ҳнапы иануп. Ахыбра аҭыԥ аҿы ҿыц аргылара азин ыҟоуп, иара ибгаз ахаҳә ала актәи аихагыла кәдыршоит, адәахьтәи ахаҿра ахьчараз. Ахаҳәқәа зегьы иахьамаз аҭыԥ атәы зҳәо адыргақәа рыҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Дауҭиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.