Столтенберг аҽазныкгьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла ар алгатәуп иҳәеит

Столтенберг аҽазныкгьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла ар алгатәуп иҳәеит, иазгәеиҭеит НАТО Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара ишадгыло.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 19 — Sputnik. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг аҽазныкгьы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла ар алгатәуп иҳәеит, иазгәеиҭеит НАТО Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара ишадгыло, арҭ адгьылҵакырақәа Қырҭтәыла иахәҭаны ишахәаԥшуа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Мамука Бахтаӡеи иареи реиԥылара ашьҭахь ажурналистцәа зыҿцәажәаз НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәеит "Аҽазныкгьы Урыстәыла ааԥхьара аҳҭоит – ар алгатәуп" ҳәа.

Столтенберг: Урыстәылеи, Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи реизаигәара НАТО агәҭынчымра азцәырнагоит

2008 шықәса нанҳәа 7- 8 руха ақырҭуа ар Аахыҵ Уаԥстәыла аҵакыра иалалеит. Рқәылара хацдыркит Цхинвал аракетақәеи артиллериеи рыла алахысрала. Ареактивтә системақәа "Град" сааҭқәак инарзынаԥшуа еиԥымҟьарыда ақалақь иалахысуан. Нанҳәа 8 ашьыжь аҳаирпланқәа аҳауаҟынтә ақалақь ауааԥсыра ирылахысуа иалагеит, адгьыл аҟны атанкқәеи аршьаҟауааи рқәылара хацдыркит. Ақалақь аҩныҵҟа аибашьра ӷәӷәа цон.

Нанҳәа 8 амш аҩбатәи азыбжазы Аахыҵ Уаԥстәыла иалалеит Урыстәылатәи 58-тәи архәҭа. Нанҳәа 12 рзы ақырҭуа ар шьаҭанкыла Аахыҵ Уаԥстәыла иалцан.

1992 шықәса нанҳәа 14 рзы аихамҩа ахьчара ахьыӡҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет амчрақәа аибашьыга бџьар рыманы Аԥсны иақәлеит. 413 уахи-ҽни ицон ашьаарҵәыратә еибашьра. Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 1714-ҩык иреиӷьӡақәаз. 1993 шықәса цәыббар 30 рзы аԥсуа ар Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿ атәыла абираҟ ахаргыланы аӷа рыԥсадгьыл далырцеит.

Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра.