АҞӘА, жәабран 17 — Sputnik. Урыстәылеи, Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи еиҳа-еиҳа реизаигәахара НАТО агәҭынчымра азцәырнагоит иҳәеит НАТО Амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Урыстәылеи Қырҭтәыла арегионқәа Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи еиҳа-еиҳа реизаигәахара ҳара агәҭынчымра ҳазцәырнагоит. Ҳара Урыстәылахь ааԥхьара ҟаҳҵоит арҭ арегионқәа ахьазханаҵаз мап ацәнакырц", — иҳәеит Столтенберг, Қырҭтәыла – НАТО Акомиссиа аилатәараҿ.
2008 шықәса нанҳәамзазы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ҳхьыԥшымуп ҳәа алаҳәара ҟарҵеит. 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа арҭ, уаанӡа Қырҭтәыла иалаз автономтә республикақәа рхьыԥшымра азханаҵеит. Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара изныкымкәа иазгәарҭахьеит иҟоу аҭагылазаашьақәа ари азҵаара азыхынҳәра шақәым шаадырԥшуа.
Столтенберг иҳәеит НАТО ԥхьаҟагьы Қырҭтәыла Алианс алаларазы ацхыраара шанаҭало.