Урыстәыла аихамҩатә еилахәыра аԥхасҭа аҭоуп

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат амҩаԥысраан аболельшьчикцәеи АИХ рхаҭарнакцәеи азин рыҭан адәыӷбақәа рыла хәыда-ԥсада аныҟәаразы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 19 — Sputnik. Урыстәыла аихамҩатә еилахәыра аԥхасҭа аҭоуп миллион мааҭ рҟынӡа. Аболельшьчикцәа сувенир ҳасабла ацәарҭамаҭәа, асаан, аҵәца зҳәаз еиԥш иргаз рацәоуп иҳәеит Урыстәылатәи аихамҩақәа рбизнес-блок "Пассажирские перевозки" анапхгара Адепартамент аиҳабы Павел Бурцев, ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

Ачемпионат мҩаԥысуанаҵы Урыстәыла абиуџьет иаланагалеит 850 миллиард

"Идыру акоуп асеиԥшқәа абжьааԥынгьы аҭыԥ шрымоу, аха ҳара ҳаилахәыра ацәыӡ, ахашәала уҳәа зегьы ианахәҭоу ишахәҭоу иҭанаҩуеит. Ҳара зегьы азыԥхьагәаҳҭоит. Имҩаԥаагаз агәаҭарақәа ишьақәдыргылеит аилахәыра миллионк аҟынӡа аԥхасҭа шаиуз", —  иҳәеит Бурцев абрифинг аҿы, аԥшьашаҽны.

Аихамҩа аусзуҩцәа рдәыӷбақәа рҟны ахархәара зырҭо аиарҭаларшәқәа аплакатқәа шрылхыз телербагалагьы ианырбоз ыҟан.

"Аиҳарак асеиԥш аҭыԥ рыман хәыда-ԥсадатәи амҩангарақәа раан. Ҳара усҟан иҳауит агәаанагара ауаа хәыда-ԥсада ирырҭаз дара иртәны ирыԥхьаӡеит ҳәа" — иҳәеит Бурцев.