Хра злоу ахҭысқәа: Ахба аибашьра шықәсқәа раан аԥсуа арратә-мшынтә флот аҭагылазаашьа атәы
© Sputnik
"Ауаа зланарга-ааргоз акатерқәа апулемиот уҳәа еиуеиԥшым абџьар ақәыргылан иҳаман. Уи адагьы уаҳа ԥсыхәа ҳамамызт, амшын ҳазалахылоз ҳҭахын. Ҳара амшын ҳанхылалак ақырҭцәа аԥсуаа рлагьанқәа ааит ҳәа ишәаны ихыҵны ицон. Ус даргьы ҳаргьы ҳаиҿаҳан аибашьра ӷәӷәа ҳаман ҳәа сызҳәом. Изныкымкәа рсеинерқәа ркхьан аҷкәынцәа. Аибашьра аҵыхәтәантәи амшқәа рзы дара Баҭымынтәи аӷбақәа атанкқәа ақәыргылан идәықәлеит. Ҳаибашьцәа ирымаз абаржа аград наган иақәдыргылеит, уи анхыс зегьы рышьҭахьҟа игьежьит. Аибашьра ашьҭахь, ухы ззукша атеатр акәу, амшын акәу ҳәа азҵаара суҭазҭгьы, саалакҩакрын. Убысҟак амшын бзиа избеит", — ҳәа азгәеиҭеит Ахба.