Амилаҭтә шәаратә система "Аԥра" ала Урыстәыла ахәаахәҭра алшо иҟалоит

2018 шықәса ҭагалан инаркны Аԥсны ахархәара аиуа еиҿкаахоит акарта "Мир", 2019 шықәса I аԥшьбара инаркны "Аԥра" Урыстәыла иахьаҵанакуа ахархәара арҭо иҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik. Амилаҭтә шәаратә системақәа "Мир" "Аԥра" аиқәшаҳара рнапы аҵарҩит амилаҭтә шәаратә системақәа ринтеграциазы. Абри атәы ааицҳауеит НПС "Аԥра" анагӡаратә директор Леон Ԥлиа.

"Ашәаратә системақәа реидҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә системаҿ еиҳа аԥыжәара зҭаху усны иҟоуп. Иара иҟанаҵоит алшара, ганкахьала – Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа "Аԥра" рхы иадырхәаларц, аҽаганкахьала – Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа Урыстәыла атәылауаа акарта "Мир" рхы иадырхәаларц", —  ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ԥлиа иажәақәа рыла, асистемабжьаратә интеграциа иарҭбаауеит акартақәа рхархәара агеографиа.

Апроект ҩ-етапкны инагӡахоит. Актәи аетап аан иазыԥхьагәаҭоуп 2018 шықәса ҭагалан инаркны Аԥсны ахархәара аиуа еиҿкаахарц акарта "Мир" ахархәара, аҩбатәи аетап аан, 2019 шықәса I аԥшьбара инаркны "Аԥра" Урыстәыла иахьаҵанакуа ахархәара арҭо иҟалоит.