АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи аспортсменцәа Асҭамур Мамед-оглыи Борис Барцыци алахәын XXX есышықәсатәи аконтинентәбжьаратә ӡсаратә еиндаҭлара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсмен Асҭамур Мамед-оглы.
Ф-километраки бжаки Асҭамур Мамед-оглы сааҭки 28 минуҭи рыла дыӡсаны дахысит.
"Сылҵшәақәа сгәы ҟарҵоит. Хымз раԥхьа 500 метрагь сзахысуамызт. Аԥыжәара агара хықәкны иҳамамызт. Уи алшарагьы уадаҩуп, избанзар аицлабра иалахәуп аолимпиатә ӡсаҩцәа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Мамед-оглы.
Мамед-оглы ишиҳәо ала аицлабра алахәхара уадаҩын, избанзар 2400 ҭыԥ рзы инашьҭын 4000 рҟынӡа рзаҳал.
"Ҳара дҳацхрааит уаанӡа Аԥсны ахаҭарнакс Ҭырқәтәыла иҟаз Инар Гыцба", — ҳәа еиҭеиҳәоит Мамед-оглы.
Аспортсменцәа адгылара рырҭарц уахь инеиит ҳдиаспора рхаҭарнакцәа.
"Уи агәахәара ду ҳнаҭеит. Аицлабрақәа шьахәла еиҿкаан. Ушьҭантәи аицлабрақәа мҩаԥысраны иҟоуп Италиа. Иалшоны иҟалар ҳхы алаҳархәуеит", — иҳәоит иара.
Аӡыбжьахала Босфор арсразы есышықәсатәи аиндаҭлара иалахәын аԥснытәи аспортсменцәа ҩыџьа. Иара мҩаԥысит Ҭырқәтәылан, ԥхынгәы 22 рзы.