Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир мҩаԥысуеит Афон Ҿыц

Афон ҿыцтәи аҳаԥы аартыҩ, асахьаҭыхыҩ Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир мҩаԥысуеит Афон Ҿыц. Атурнир аҽалархәразы иааит ареспублика анҭыҵтәи акомандақәа ԥшьба.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik. Афон ҿыцтәи аҳаԥы аартыҩ, асахьаҭыхыҩ Гиви Смыр игәалашәара иазку ашьапылампылтә турнир мҩаԥысуеит Афон Ҿыц. Атурнир аҽалархәразы иааит ареспублика анҭыҵтәи акомандақәа ԥшьба. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҿартә политиказы Аԥсны Аҳәынҭеилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Михаил Цкәуа.

1 / 4
Турнир по футболу памяти Гиви Смыр в Афоне
2 / 4
Турнир по футболу памяти Гиви Смыр в Афоне
3 / 4
Турнир по футболу памяти Гиви Смыр в Афоне
4 / 4
Турнир по футболу памяти Гиви Смыр в Афоне

"Атурнир ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа иара жәларбжьаратәхеит.  Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Москватәи акомандақәа "Олимпик–1", "Олимпик-2" иара убасгьы Лугански Ростови ркомандақәа. Зынӡа жәа-командак ыҟоуп" — иҳәеит иара.

Цкәуа иазгәеиҭеит ашьапылампыласыҩцәа азыҟаҵара бзиа шрымоу.

Афон ҿыцтәи аҳаԥы аартыҩ, асахьаҭыхыҩ Гиви Смыр игәалашәара иазку атурнир мҩаԥысуеит Афон Ҿыц, ԥхынгәы 25 рҟынӡа.