Урыстәыла Аџьаус аминистрра 2019 шықәсазтәи анҳәамшқәа шьақәнарӷәӷәеит

Ақәҵара апроект инақәыршәаны ашықәс ҿыц азы жәамш инарзынаԥшуа аԥсшьарамшқәа ҟалоит. Иара убас акәхоит лаҵарамзатәи аныҳәамшқәагьы.
Sputnik

 АҞӘА, ԥхынгәы 23— Sputnik. Ақәҵара апроект инақәыршәаны ашықәс ҿыц азы жәамш инарзынаԥшуа аԥсшьарамшқәа ҟалоит. Иара убас акәхоит лаҵарамзатәи аныҳәамшқәагьы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

 Ақәҵара инақәыршәаны асабша, ажьырныҳәа 5 аԥшьаша, лаҵара 2 рахь ииаргоит. Асабша жәабран 6 ахәаша, лаҵара 3 ахь ииагахоит. Асабша жәабран 23 ахәаша, лаҵара 10 ахь ииагахоит. Ашықәс ҿыц азтәи аԥсшьарамшқәа идыртәоит жәымшы: ԥхынҷкәын 30 2018 шықәса инаркны ажьырныҳәа 8 2019 шықәса рҟынӡа.

Апроект иара убасгьы иазыԥхьагәанаҭоит иусуратәым амшқәа:  жәабран 23 — 24;  хәажәкыра 8 — 10; лаҵара 1 — 5;  лҵара 9 — 12;  абҵара 2 – 4;

Адокумент авторцәа ражәақәа рыла атәылауаа ринтересқәа ирызхьаԥшуп, асеиԥш иҟоу аграфик рыԥсшьарамшқәа еиҿнакаауеит.