АҞӘА, ԥхынгәы 23— Sputnik. Ақәҵара апроект инақәыршәаны ашықәс ҿыц азы жәамш инарзынаԥшуа аԥсшьарамшқәа ҟалоит. Иара убас акәхоит лаҵарамзатәи аныҳәамшқәагьы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ақәҵара инақәыршәаны асабша, ажьырныҳәа 5 аԥшьаша, лаҵара 2 рахь ииаргоит. Асабша жәабран 6 ахәаша, лаҵара 3 ахь ииагахоит. Асабша жәабран 23 ахәаша, лаҵара 10 ахь ииагахоит. Ашықәс ҿыц азтәи аԥсшьарамшқәа идыртәоит жәымшы: ԥхынҷкәын 30 2018 шықәса инаркны ажьырныҳәа 8 2019 шықәса рҟынӡа.
Апроект иара убасгьы иазыԥхьагәанаҭоит иусуратәым амшқәа: жәабран 23 — 24; хәажәкыра 8 — 10; лаҵара 1 — 5; лҵара 9 — 12; абҵара 2 – 4;
Адокумент авторцәа ражәақәа рыла атәылауаа ринтересқәа ирызхьаԥшуп, асеиԥш иҟоу аграфик рыԥсшьарамшқәа еиҿнакаауеит.