Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, 2016 шықәса жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Убри аан дҭахеит аԥжәара аззырхиоз, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ, 1971 шықәса рзы ииз Сергеи Тарасенко. Иара ахара идҵан Жәлар реизара депутатс иҟаз Кан Кәарҷиа иҭархара игәҭакын ҳәа. Иара убасгьы ацәгьоура далахәын ҳәа даанкылан 1979 шықәса рзы ииз, Аԥсны атәылауаҩ Адгур Корсантиа. Корсантиа даанкылан 2016 шықәса абҵара 5 рзы.
Аӡбаҩ Астамур Тәанба хантәаҩра ззиуаз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәаақалақь апрокуратура ззыҳәаз, Адгур Корсантиа иаанкылара аиқәшаҳаҭхеит. Аҳәынҭқарратә харадҵара дадгылоит апрокуратура хада аусҭҵааратә Усбарҭа апрокурор Инар Ҭаркьыл.
"Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 56 инақәыршәаны Адгур Корсантиа ихар ԥсыҽызтәуаны иҟоу иара зықәра маҷу ахәыҷқәа ахьимоу ауп", — иҳәеит Ҭаркьыл.
Иара убри аан аусеилыргара алкаақәа дрызхьаԥшуа иара иазгәеиҭеит зус рыӡбо ихара шышьақәдырӷәӷәо.
"Ишьақәыргылоуп Адгур Корсантиеи Сергеи Тарасенкои реинырра ааигәа, иара убасгьы Тарасенко Кәарҷиа данишьклаԥшуаз аамҭаз ааха иоуз ахәышәтәразы аматериалтә ныхрақәа дышрыдгылоз", — иҳәеит Ҭаркьыл.
Иара убасгьы аӡбаҩцә рахь аҳәара ҟаиҵеит Корсантиа Гал данааныркылоз иара Қырҭтәылаҟа дымцар амуа ачымазара шимоу азы иарбанызаалак шәҟәык шицмыз, уахь ицаразгьы атәыла акомпетенттә органқәа рзин шимамыз азхьаԥшра арҭарц.
"Аҳәынҭқарратә харадҵара имҩаԥгоу ацәгьоура ахьанҭара азгәаҭаны Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 59, 67 рхархәара акәымкәа аӡбарҭа иадаагалоит Корсантиа ихақәиҭра далхәыдазаарц. Ахарадҵараан аҳәара ҟаҳҵоит иазгәаҭазарц ауаажәларра рыҩныҵҟа иарҵысыз ахылҟьа-ҿылҟьа, иара ихара дшақәшаҳаҭымхо, ауаажәларратә шәарҭа шаҵоу ацәгьара ахаҭа", — иҳәеит апрокуратура хада аусҭҵааратә Усбарҭа апрокурор Инар Ҭаркьыл.
Аӡбаҩ иахь аҳәара ҟаҵан Адгур Корсантиа 12 шықәса ҭакрыла иқәҵазарц. Иара убри аан иазгәаҭан Корсантиа зықәра маҷу ахшара шимоу азыԥхьагәаҭазарц. Адукат Константин Чагәаа иазгәеиҭеит иара иихьчо ахаҿы ахар шихароу азы иарбанызаалак ршаҳаҭгак аусҭҵаара ишазмырхиаз.
"Сыпрактикаҿы раԥхьаӡа акәны избоит абасеиԥш ахара зхараҵо ауаҩы ицәгьоура аганахь ала аус аматериалқәа рҿы акгьы арбаӡамкәа ианыҟо. Аҳәынҭқарратә харадҵаҩцәа ирҳәо зегьы ахарадҵаратә лкааҿы иарбаз ауп, аха иабаҟо Корсантиеи ацәгьара зузи рыбжьара аимадара. Иабаҟо Тарасенкои Корсантиеи рыбжьара аимадара", — иҳәеит адукат.
Иара иҳәеит ахара дҵара ҵаҵӷәы шамам.
"Сгәы иаанагон иахь аҳәынҭқарратә харадҵара Корсантиа вба имам ҳәа азгәарҭоит ҳәа, аха мап. Иарбанызаалак аӡбра азакәан шьаҭа амазароуп, иҵаҵӷәыркызароуп", — иҳәеит Чагәаа.
Корсантиеи Тарасенкои еибадыруан аха уск рыбжьаны иҟамызт иҳәоит аАусҭҵаароума аӡбарҭоума иарбанызаалак мативк рзышьақәмыргылеит Корсантиа ицәгьоура аганхь ала. Иҟалап тарасенко усеиԥш мативк имазар, уи сара исыздырам. Дара рҩыџьа знык-ҩынтә аҩы ма ауараш еицыржәзар, уи иаанагом атеррористтә акт мҩаԥыргараны иҟан ҳәа" — иҳәоит адукат.
2016 шықәса абҵара 7 рзы адепутат Кан Кәарҷиа иҳәеит иҭархаразы аҽазышәара шеиҿыркаауаз азы адыррақәа шимоу аха ашьаусҭҵаара даԥырхагамхарц ахҳәаақәа ҟасҵом ҳәа.
"Ҳәарада, сара издырқәо ыҟоуп аха макьана ахҳәаа ҟасҵом. Азинмчратә органқәа аус рулааит", — иҳәеит Кәарҷиа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит абри аус алацәажәара иашам ашьаусҭҵааратә органқәа русура хдыркәшаанӡа ҳәа.
Аԥснытәи арадиотелерадиоеилахәыра аҵакырадгьыл аҟны ашәахьа, жьҭаара 17 рзы аԥжәара ҟалеит. Арԥжәага зымпыҵаԥжәаз ауаҩы иԥсҭазаара далҵит.
АГТРК аҵакырадгьыл аҟны аҭыԥ змаз аԥжәара аганахьала ашьаус хацыркуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Кодекс ахәҭаҷқәа ҩба инарықәыршәаны. Аԥсны Апрокуратура хада дааннакылеит Адгәыр Корсантиа. Иара ахара идырҵоит Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иҭархара аиҿкаара далахәын ҳәа. Кан Кәарҷиа Аԥсны жәлар реибашьра даветерануп. Ианашьоуп Леон иордени, Кәыдры агаразы "Агәымшәараз" амедали. Диит 1974 шықәса ԥхынгәы 1 азы.
Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҳәамҭа ҟанаҵеит Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иганахьала атеррористтә акт амҩаԥгара аҽазышәара инадҳәаланы. Аԥсны Апарламент ақәыӡбеит абри атеррористтә акт, аҳәынҭқарратә система ашьақәҟьара иазырхан ҳәа иаԥхьаӡеит.