Автобус Аҟәа-Брианск амҩатә машәыр иақәшәеит

Ҩыџьа ҭахеит, ҩыџьа аахақәа роуит аидарамҩангагеи амашьыналаси амҩа аганаҿ игылаз автобус расраан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24— Sputnik. Ҩыџьа ҭахеит, ҩыџьа аахақәа роуит аидарамҩангагеи амашьыналаси афедералтә мҩа М4 "Дон" аганаҿ игылаз автобус Аҟәа-Брианск расраан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арегион амаҵзура ҷыдақәа рдырра шьаҭас иганы.

"Краснодартәи атәылаҿацә аиланхарҭатә пункт "Веселая Жизнь" ааигәара, ҩыџьа ҭахеит, ҩыџьа аахақәа роуит аидарамҩангагеи амашьыналаси афедералтә мҩа М4 "Дон" аганаҿ игылаз автобус Аҟәа-Брианск расраан, амашьыналас аԥсҟы зкызи иҭатәаз ахәыҷи рыԥсҭазаара иалҵит, автобус аԥсҟы зкызи амашьыналас апассаџьыри ахәышәтәырҭахь инагоуп" ҳәа аанацҳауеит амаҵзура.

 Автобус Аҟәа-Брианск 40-ҩык ауаа ҭан. Уажәы дара азыԥшуп рымҩаԥгаразы инеираны иҟоу автобус. Амҩатә машәыр аҟалашьа ҭырҵаауеит.